Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Быҭәба еиҭеиҳәеит аибашьраан амацәаз иҭакыз Тҟәарчалаа ацхырараа мап зацәыркыз атәы

© Foto / Роланд ДжоджуаДмитрий Бутба
Дмитрий Бутба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 3, 1993 шықәсазы амацәаз иҭакыз Тҟәарчалҟа агәыманитартә цхыраара анагара еиҭахацыркын. Уи аамҭа дазааҭгылоит Мрагылратә афронт иазку ашәҟәы автор Дмитри Быҭәба.
Быҭәба еиҭеиҳәеит аибашьраан амацәаз иҭакыз Тҟәарчалаа ацхырараа мап зацәыркыз атәы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа аазгоз авертолиот ақырҭцәа ианҭадырха ашьҭахь, амацәаз иҭакыз ақалақь ашҟа агуманитартә цхыраара анашьҭра иаҟәыҵит. Зықьҩыла ақалақьуаа, Очамчыра араион аҟынтәи ахҵәацәа рҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахон, еилкаан агәыманитартә цхыраара ҟамлакәа даҽа ԥсыхәак шыҟамыз.

"Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьраан Тҟәарчал амацәаз иҭакын, акалақь ахь 40 нызқьҩык рҟынӡа ахҵәацәа неит. Ажьырныҳәанӡа ҩбаҟа вертолиот неихьан, ашьҭахь иааныркылеит ианар 18 рзы Зураб Лабахәуа (Аԥсны аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс иҟаз-аред.)  дызҭаз, аԥсуа корреспондентҵәа зықәтәаз авертолиот Сакьан идыртәеит. Уи ашьҭахь, амза 26 рзы Тҟәарчал инеит агәыманитартә еидара зқәыз авертолиот, аха иахьнеиз ажәлар ирыдрымкылеит, иааныркылаз ауаа аурыжьыруп ҳәа азгәарҭеит. Уи аҽныцәҟьа идырхынҳәит агәыманитартә еидара. Уи иацны инеиз акорреспондент Марина Рыхлина аурыс телехәаԥшарала ашьыбжьон адырра ҟалҵеит Тҟәарчал амацәаз иҭакыз ауаа ацхыраара мап шацәыркыз. Уи Тҟәарчалаа ирхыргоз агәаҟра уазхәыцуазар, фырхаҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иара иааргоз агәыманитартә цхыраара 500 грамм ачашылеи 200 грамм ашьақари акәын ирырҭозгьы, ԥсымшьҭыгак ҳәа. Жәабран азы Тҟәарчал ауаа ирылаҳәан Гәдоуҭа аганахь ицар зҭаху рзы авертолиот шаауа. Усҟан ахҵәацәа, аиҳараӡак  ахәыҷқәеи аҳәсеи зҭаз авертолиот Бабышьра иртәаны игәарҭон , анаҩс Гәдоуҭаҟа ицон", - иҳәеит Быҭәба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0