Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҿы ашәарыцаразы: ҳауаажәлар раанкылара цәгьоуп, ирбо зегьы ршьуеит

© Foto / yugaСергеи Џьонуа
Сергеи Џьонуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уадаҩрас ирымоу атәы.

Арубрика "Раионк аԥсҭазаара" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩашала Гәылрыԥшь араион апроблемақәа ҳрылацәажәоит.

Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҿы ашәарыцаразы: ҳауаажәлар раанкылара цәгьоуп, ирбо зегьы ршьуеит

"Аԥхьа иргыланы амҩа цәгьала иҟалеит, ацҳақәа ԥхасҭахеит, излаҟаҳҵо ҳамаӡам. Атехника акәзар, 50 шықәса зхыҵуа зегьы аангыланы иҟоуп, ихеит, излаҟаҳҵо ҳалшарагьы маҷуп. Ацҳақәа 17-18 ыҟоуп, ашьаҭа зны иҟаҳҵеит, аха хыхь иқәу аҵла зегьы бааит, иԥҽуеит, абнатә нхамҩа ирго-иаарго уҳәа иахҟьаны. Даҽа гәаҟрас иҟоу аӡын ашәарыцаҩцәа ҳрыхәом, аушьҭратә ҭыԥ ыҟоуп, уа шәҟәыла роужьра рҳәеит, агәаҽанызаара рыҭара рҳәеит, аха ак рыхәом, бнаҿықәк ахьыҟоу ашәарыцаҩцәа ыҟамкәа ҟалашьа амам. Арахь, ишыжәдыруа еиԥш, ашәарыцара аамҭа ииасит, ашәарах аҿиара иалагоит - ҳара рышьра ҳаҿуп. Ари аанкылашьас иамоу ҳәа сыздыруам. Амилаҭтә парк еиҿыркаауеит, Ҭемыр Ешба аштат макьана еиҿыимкаацт, ацхыраара рҭахуп, иаҭаху рацәоуп. Риҵа аганахь аасҭа ашәарах арахь хәыҷык иаҳа иаанханы иҟан, аха ҳауаажәлар раанкылара цәгьоуп, иаарбо зегьы ршьуеит. Акыр зылшо ажәлар еидыртәаланы ак ҳмыӡбар, ҳхәыҷқәа идҳарбо ҳәа акы аанхом", - иҳәеит Џьонуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0