Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба 1810 шықәсазы Аԥсны Урыстәыла алаларазы: аҵарауаа уажәгьы аимак-аиҿак рыбжьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Авидзба
Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабранмза 17, 1810 шықәса рзы Аԥсны Урыстәыла иадҵан. Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵаарауаа рыбжьара ари ахҭыс азы иҟоу агәаанагарақәа ртәы.
Аҩӡба 1810 шықәса рзы Аԥсны Урыстәыла алаларазы: аҵарауаа уажәгьы аимак-аиҿак рыбжьоуп

"Аԥсуаа усҟан иразҵаауадаз, ареферендумгьы иҟамызт. Аԥсни Урыстәылеи рхантәаҩцәа роуп изыӡбаз. Аԥсуаа ҵарауаа рыбжьара уажәыгьы иҟоуп аимак-аиҿак, Аԥсны Урыстәыла алалара хәатәгәаԥхарала иҟалама, ма мчыла иадҵазма ҳәа. Уи азы ашәҟәқәа рыԥхьашьа еиԥшӡам аҭоурыхҭҵааҩцәа рыбжьара. Ишыҟоу ала Аԥсны усҟан иахагылаз Сафарбеи, уи атәыла ахагылара азакәан ԥшра амоуп ҳҳәозар, иара инапала идықәҵаз, жәабранмза 17, 1810 шықәса рзы Александр I инапы зҵаҩыз, аҳәара ҟазҵаз Урыстәыла алаларазы Сафарбеи иоуп. Иара Аԥсны изакәанымкәа дахагылан ҳәа ҳаԥхьаӡозар, Урыстәыла алаларагьы мҩаԥысит хәатәгәаԥхарала, Аԥсны иаҭахны. Аха уи закәанмызт ҳәа изыԥхьаӡозгьы ыҟами, ишырҳәо ала иаргьы дзакәандамыз ииҩызгьы закәандамызт Александр I иҩҩызгьы закәандамызт, убри азы мчыла иадырҵеит ҳәа агәаанагара змоу дыҟоуп Аԥсны аҭоурыхҭҵааҩцәаа рыбжьара, убри аҟнытә аҳәара уадаҩуп аԥсуаа зегьы уи иақәшаҳаҭзу иақәшаҳаҭымзу. Даҽа зҵаароуп аҭоурых ҭагылазаашьоуп зегьы зыхҟьоу. Аԥсны еиԥш иҟоу аҳәынҭқарра маҷқәа акәша-мыкәша имҩаԥысуа арра-политикатә хҭысқәа ианзақәымшәалагьы рҭагылазаашьа цәгьахоит. Уи ауп Қьалашьбеи Чачбагьы Урыстәылахь аҳәара зыҟаиҵаз, Аԥсны Урыстәыла иадлар бзиуоп ҳәа ", -  ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0