Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳәба: ахацәа абџьар бзиа иаабоит, саргьы арратә ус снаалоит ҳәа сыԥхьаӡеит

© SputnikАслан Ахуба
Аслан Ахуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Арбџьармчқәа Рартиллериатә гәыԥ адҵаҟаҵаҩ, амаиор Аслан Аҳәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аррамаҵзура ахгара иара изы ҵакыс иамоу.
Аҳәба: ахацәа абџьар бзиа иаҳбоит, арратә ус снаалоит ҳәа сыԥхьаӡеит

"Ҳара иаҳхысыз аибашьра ҳалааӡан аҿар. Ашкол ашьҭахь ауниверситет сҭалеит, аха уи ааныжьны арратә ҵараиурҭахь сцеит, арратә ус сҽазыскит. Ҳара ахацәа усгьы абџьар бзиа иаабоит, аррамаҵзура иаҳа иснаалоит ҳәа сыԥхьаӡеит. Арратә ҵараиурҭа саналга, ҳанеихыршоз артиллериатә архәҭаҟны ауаа аҭахуп ҳәа уахь сақәшәеит.  Абри артиллериатә хысрақәа хәыҷык аматематика иадҳәалоуп, убри схы азцошәа иҟан. Нас уаҟа аматематиказы адырра дуқәа аҭахым, аха ашкол аҟны иуҵаз аигырхара, аицҵара узымдыруазар, узхысӡом", - иҳәеит Аҳәба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0