Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥасаниаԥҳа еиҭалҳәеит анаркотикқәа рыларҵәаразы амч зауз азакәан атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукРамина Пасания
Рамина Пасания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаркотикқәа рыларҵәаразы хьырхәра ҳасабла ашьра ма ԥсраҽнынӡа ҭакрала ахгара азԥхьагәазҭо анормақәа амчра роуит ажьырныҳәа 1 инаркны. Аиурист Рамина Ԥасаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟна амчра зауз азакәан ахҳәаа алҭеит.
Ԥасаниаԥҳа еиҭалҳәеит анаркотикқәа рыларҵәаразы амч зауз азакәан атәы

"Ашьра зегьы иреиҳау цәгьоуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аха иара ҿыцны ашьауӷатә кодекс иалагалаӡам. Иҟоуп азакәанқәа зҿы ашьра арбоу, аха уи ахархәара амаӡам, убас иҟалоит иалагалахо азакәангьы, ашьра арбахоит, аха ахархәара аиуӡом. Иаҳҳәап, аморатори аԥырхыр, ашьра рыдыркылеит, аха амеханизм аус злауа џьаргьы ишьақәырӷәӷәаӡам: ашьра мҩаԥызгода, аҭыԥ иабамҩаԥырго, убарҭ акгьы иаламцәажәакәа ашьра аԥшьгара ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡом. Ихьанҭоу ацәгьоурақәа ҟазҵаз рахь иаҵанакуа амнистиа изақәшәаӡом, аха Аԥсны ахада инапы аҵаҩны, ацәгьоура ианажьра дақәшәар ҟалоит. Хаҭала арзаҳал иҩны аҳәара ҟаиҵар, усҟан уи алыршахоит. Ашьра аҳәса рахь ахархәара азин ыҟаӡам, насгьы 18 шықәса зхымҵыц, 65 шықәса зхыҵыз ахацәа рахь ахархәара азин ыҟаӡам ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 54 излаҳәо ала", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥасаниаԥҳа.  

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0