Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кобахьиа Владислав Арӡынба изы: ҳәынҭқарра дук иахәҭоу аструктурақәа ҳзынижьит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахьиа
Аслан Кобахьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афырхаҵа, аибашьра ашықәсқәа раан Гәымсҭатәи афронт аҟны артиллериа адҵаҟаҵаҩыс иҟаз Аслан Кобахьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аибашьраан иааирԥшыз иҟазшьақәа ртәы.

Хәажәкыра 4 рзы, жәашықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. 

Кобахьиа Владислав Арӡынба изы: исцәагои ҳәа қәҵарак шьҭихуамызт

"Раԥхьа иргыланы Владислав иԥсадгьыли ижәлари бзиа ибон, аԥсуаа аӡәы илаиҵомызт, Аԥсны азы ихы иҭиуан. Аҵара ду змаз, анаука аганахьала алшара ду змаз, изныкымкәа иҳәахьан, ишыгәхьааигоз уи аус аполитика данаҿыз. Сус нышьҭаҵаны анаукахь сгьежьындаз иҳон, аха убысҟак имч илша аиҭеит ахақәиҭра, анаукахь дхынҳәуа дзыҟамлеит. Иара зынӡаск бзиа ибомызт амцҳәара. Уи иахьа иуҳәар ҟалоит, аха уаҵәы ицәырҵуеит, аибашьраан ирацәаны ҳахьнархәит амцҳәара. Иара еснагь иҳәон аиаша анеибаҳҳәо уи аиашамҩа ҳақәнаҵоит ҳәа. Владислав исцәагои ҳәа қәҵарак шьҭихуамызт, иара инапы иҵихуаз ақәҵара иаразнак ала аилкаара уадаҩын, аамҭа анцалак акәын ианубоз шаҟа дазхәыцны, шаҟа ишәа-иза дазнеиуаз. Иара аибашьра аганахьала арра маҵзурагьы дахымсыцызт, аха дҟәышын, аҵара змаз уамашәа дырбон аибашьра акәамаҵамарақәа зегьы ахьидыруаз. Иара ҳәынҭқарра дук иахәҭоу аструктурақәа иаԥҵаны, еиқәыршәаны иааныжьны дцеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Кобахьиа.

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0