Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба акоррупциа иаҿагыло азакәан азы: ирыԥсахаанӡа ҿҳәарадатәи амлашьра аанаҳкылом

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьансыхә Адлеиба
Џьансыхә Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа аҿагыларазы ҿҳәарадатәи амлашьра алахәылацәа руаӡәк Џьансыхә Адлеиба Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Жәлар Реизараҿы ирыдкылаз азакәан ахықәкы хада шынанамыгӡо.

Февраль мзазы Жәлар Реизара аилатәараҿы рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект адкыларазы.

Адлеиба акоррупциа иаҿагыло азакәан азы: ирыԥсахаанӡа ҿҳәарадатәи амлашьра аанаҳкылом

"Убасҟан ирыдыркылаз азакәан акоррупциа иаҿагыло Аԥсны аҵаӷьычра иаҿагыло азакәан ҳадаҳкылеит ҳәа иҳарҳәаз, мчыс иамоу изакәанымкәа иӷьыҷыр зылшо ачынуаа рмазара рхәыҷқәа рахь иҭарҩыр рылшоит, уи хжьароуп. Ари азакәан рыдыркылахьеит акыр аҳәынҭқаррақәа, ҳара иаҳҭахым уаҩы иимбац, имԥсахкәа иҟоу азакәанқәа рахьынтә акы шәыдышәкыл ҳәа раҳҳәеит, иаразнак аус аурцаз, аха ҳабжьы рмаҳаит. Ҳара ҳус аанаҳкылаӡом, азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

Ажәабжьқәа зегьы
0