Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: ахәыҷқәа злахәу ауснагӡатәқәа зегьы асанитартә ҳақьымцәа хылаԥшра арҭалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Какоба
Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵара аминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра акоронавирус аҿагыларазы иаднакылаз ауснагӡатәқәа аҵаратә усбарҭақәа русура ишаныԥшуа атәы.

Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ахәыҷқәа злахәу амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥнакуеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит аминистр хәажәкыра 5 рзы.

Аԥсны арккара аминистрра анапаҟны иҟоу арҵаратә усбарҭақәа рҟны абжьааԥны аус шаҳуц еиԥш иҳаулоит, аха агәыбзеирахьчара аминистрра иҟанаҵаз ақәҵара ҳахәаԥшны ҳусура еиҿаҳкаалоит ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадиоефир аҿы. 

Какоба: ахәыҷқәа злахәу ауснагӡатәқәа зегьы асанитартә ҳақьымцәа хылаԥшра арҭалоит

"Ҳаплан уахәаԥшуазар, уажәааны еиуеиԥшым аолимпиадақәеи аспорттә хәмаррақәеи ираамҭоуп, аха урҭ зегьы асанитартә ҳақьымцәа адырра рыҭаны, иаҭахәу аусқәа рыла еиҿкааны имҩаԥаагалоит. Аԥсны анҭыҵынтә аӡәгьы далахәым аҟнытә, урҭ реиҿкааразы азин ҳамоуп, амала заанаҵы изыхәҭоу аусбарҭақәа ргәырҽанаҳҵоит. Дара ахәыҷқәа ангәарҭалак ашьҭахь ауп урҭ анхацыркхо. Ареспубликатә олимпиада амҩаԥгара ҳалагоит хәажәкырамза 24 инаркны, уаанӡа аҳақьымцәа ргәаанагарала ачымазарақәа еиқәтәап, аха шәарҭарак ҟалозар, хымпада, имҩаԥгахом. Даҽа усуп - ҳҵаҩцәа Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аолимпиадақәеи аицлабрақәеи ирылахәын есышықәса, аха сынтәа ус еиԥш аусмҩаԥгатәқәа мап рцәаҳкит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какоба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0