Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аветеран Қәҭарба еиҭеиҳәеит аибашьра Ду аан арра маҵзура шихигоз

© Sputnik / Томас ТхайцукКутарба Борис Камшишович
Кутарба Борис Камшишович - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветеран Борис Қәҭарба Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵәаразы шықәсык шагыз арра дыргеит. Уи шыҟалаз атәы, насгьы иарбан архәҭоу дзықәшәаз арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит.
Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: аветеран Қәҭарба игәалашәарақәа ртәы

Аветеран Борис Қәҭарба арра иԥхьеит 1944 шықәса рзы, уи дахысны дхынҳәит 1950 шықәса рзы. Иара ианашьоуп "Кавказ ахьчареи" "Германиа аиааиреи" рзы амедалқәа.

"Арра саныргоз, 17 шықәса салган, 18 сырҭалеит. Ақыҭаҟнытә быжьҩык ҳааизырган ҳаргеит. Гәдоуҭантәи Аҟәа ҳаргеит, нас уахьынтә дәыӷбала Баҭым ҳрышьҭит. Ҳахьыргоз ҳәа акгьы ҳаздыруамызт, ақыҭантә иҳацыз ҳауак, аибашьра дахысхьан, иоуз ахәра иахҟьаны аҩны дыҟан. Баҭымынтә хәыҷык ааҵуаны Қәҭеишьҟа ҳдәықәырҵеит аибашьра ҳҽахьазыҟаҳҵоз. Еиҭа ҳхынҳәны ҳанааи, Баҭымҟа қырҭуак автоматчикцәа рротахь ҳидикылеит. Исгәалашәом, уа шаҟа ҳаҟаз, аха ус аибашьра еилгеит. Аха аҩныҟа ҳахнымҳәит иаразнак, анаҩс аминомиоттә ротахь ҳақәшәеит. Убас фышықәса раҟара арра ҳхаагеит, аибашьра ҳрымгеит умҳәозар", - ҳәа игәалаиршәеит Қәҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0