Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: алахьеиқәра адагьы, ҳажәлар реибабара агәыӷра мшы ҳәа хазы иазгәаҳҭалар сҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит Кавказтәи аибашьраан иҭахази, зыԥсадгьыл мчыла иаҟәыгази ргәалашәара амш адагьы, аибабара агәыӷра мшы Аԥсны амҩаԥгара аԥшьгатәуп ҳәа шиԥхьаӡо.
Ашәба: алахьеиқәратә адагьы, ҳажәлар реибабара агәыӷра мшы ҳәа хазы иазгәаҳҭалар сҭахуп

Кавказтәи аибашьреи ашьхарыуа жәларқәа мчылатәи рхырҵәареи иалаӡыз ргәалашәара амш Аԥсны иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.

"Иахьа лахьеиқәратә мшуп, хьаа мшуп аԥсуа жәлар рзеиԥш, абаза, адыга, ахырҵәара иақәшәаз Кавказ ажәлар маҷқәа рыуаажәлар зегьы рзы. Иарбан абиԥаразаалакгьы ргәаҿы ахәра анны ианиуа, улаӷырӡ аазго мшны иҟоу ауп иахьатәи амш. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахеилак аилацәажәараҟны аӡбамҭа рыдыркылеит ашьамаҟа ҟаҵаны, ахәылбыҽха асааҭ 9 рыбжазы амшын аԥшаҳәаҿы аркра", - иҳәеит Ашәба.

Џьамбул Инџьгьиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа: амҳаџьырра ишахәҭоу еиԥш иҭҵааны макьана иҳамам

Иара иазгәеиҭеит "аԥсҭазаара ашҳамра зегьы, аԥышәа ҿаасҭа  иахысны" еиқәхаз ажәлар рхылҵшьҭарақәа, еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟны ахьӡ шырчаԥаз, ҳаԥсыуаауп ҳәа иахьа ҳахыҽхәаны иаҳҳәартә еиԥш ахьӡ бзиа шырчаԥаз.

"Урҭ рхылҵ ааны Аԥсны инхоит, рыҵәҩаншьап адырсуеит. Аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара бзиа еицаҳзеиԥшу аҳәынҭкарраҟны иҳацеиҩыршо иҟалааит. Акы ҳагзар, ҭелла акәзаргьы, ас еиԥш шәмыхьын, ацхыраара абашәҭаху ҳәа иҳавагылоу, аибашьраан ирылшоз зегь ҟазҵаз ҳашьцәа, иааны рыдгьыл аҟны рыҵәҩаншьап ахьадырсуа азы исҭахуп аҳәынҭқарра иаӡбаны агәыӷра мшы ҟаларц. Ари алахьеиқәратә мшы ала ихҳаркәшар, усҟан Аԥсны иалҵны ицаз зегьы нҵәеит, иӡит ҳәа иҟалоит. Анцәа иџьшьаны рышьҭамҭа ыҟоуп, иахьа Аԥсны ацхыраара арҭоит, иҟоуп игьежьны зыԥсадгьыл аҟны инхо. Урҭи ҳареи ҳаибабара агәыӷра мшы ҳәа даҽа мшык ҳамазар сҭахуп", - иҳәеит Ашәба.

Кавказтәи аибашьра анхыркәшаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп лаҵара 21, 1864 шықәса. Уи аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан ахь рхы дырхар акәхеит. Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳа ижәпаҩны инхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Ааигәа Мрагылара егьырҭ атәылақәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0