Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берулааԥҳа адистанциатә ҵаразы: раԥхьатәи арҵаҩы, раԥхьатәи апарта - абри ауп сыззыразу

© Foto / предоставлено Элеонорой БерулаваЕлеонора Берулааԥҳа
Елеонора Берулааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Барӷьаԥтәи абжьаратә школ адиректор Елеонора Берулааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ахьымгаз хьаа дууны ишрымоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Берулааԥҳа аҵарашықәс ахыркәшаразы

"Ахәыҷқәа рзы ныҳәа дууп ашкол ианалго. Сынтәа ҳашкол иалгоит 13-ҩык аҵаҩцәа. Угәы унархьыртә иҟоуп дара рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ахьымгаз, ашкол ахыркәшара иацу агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ахьаанкылахаз, аха аттестатқәа рыҭара аус иаҳа игәцаракны амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит ашкол адиректор.

Берулааԥҳа иара убас илҳәеит адистанциатә ҵара ҳтәылаҿы алагаларазы лгәаанагара атәы.

"Дистанциала аҵара зынӡаск иманшәалаӡам. Аӡәык-ҩыџьак аҵара зҭаху, хықәкыс ишьҭыхны измоу убарҭ ирыхәар ауеит, аха зегьы рзы иара маншәалахом. Арҭ ҩымз ашкол ашәқәа ахьынӡаркыз, адистанциатә ҵара ҳәа иаԥшьган иҳамаз ала хықәкыс иҳамамызт ахәыҷқәа рдырра аиӷьтәра, ирдыруа ахәыҷы рхамышҭырц, ашкол ахь ирымоу агәыбылра рцәымӡырц, убри акәын хықәкыс иҳамаз. Раԥхьатәи арҵаҩы, раԥхьатәи апарта, раԥхьатәи ашәыра – сара сыззыразу абри ауп", - ҳәа еиҭалҳәеит Берулааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0