Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ламиаԥҳа ашкол аҟны аҵара ахацыркразы: ахәыҷқәагьы арҵаҩцәагьы ҳазыԥшын

© Sputnik / Томас ТхайцукНонна Ломия
Нонна Ломия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор Нонна Ламиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашкол аушьҭымҭацәа ирзоужьу аҵарашықәс аамҭазы аԥышәарақәа раҭара рыҽшазыҟарҵо.
Хра злоу ахҭысқәа: Ломиаԥҳа ашкол аҟны ҩымчыбжьатәи аҵара иазкны

Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркын рашәарамза 2 рзы, уи мҩаԥыслоит ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа. 1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рҵараамҭа хыркәшахеит лаҵара 13 рзы акоронавирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа иахҟьаны. Аушьҭратә ԥышәарақәа рыда егьырҭ аԥыхын. Сынтәа азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгоит 1830-ҩык аҵаҩцәа, жәаҩык амедал аиуразы иқәгылоуп.

"Амза ҩба ҳаргьы ҳхәыҷқәагьы зегьы ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын. Заа адырра роуит аҵаҩцәа. Ари аамҭазы ҳахьынӡоужьызгьы доусы ишрылшоз адҵақәа ҟарҵон, аха изеицәаҳӡои, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи еиԥыланы имҩаԥырго аурокқәа даҽакы иузадкылом. Иҟоуп зхала аҽазыҟаҵара зылшо, иҟоуп инарыдцаланы изурҵаша ахәыҷқәа. Ажәеизатәи акласс аҟны итәоуп, аха зегьы акоуп ихәыҷқәоуп ҳа ҳзы. Ишҳабжьаргаз ала, ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәоуп дара аҵаразы. Сынтәа 57-ҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп", - лҳәеит Ламиаԥҳа.

Лара убасгьы еиҭалҳәеит ашкол аҟны акоронавирус аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа зегьы шынарыгӡо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0