Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лашәриа Анатоли Аџьынџьал изы: зхатә ҩышьа, зхатә сахьа башьа змаз иакәын

© SputnikМушни Ласурия
Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа 90 шықәса ҵит диижьҭеи апоет-алирик, апрозаик, аиҭагаҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла Анатоли Ҭархәына–иԥа Аџьынџьал. Уи арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Иара дравторуп жәаба инацны апоезиатә шәҟәқәеи апрозатә шәҟәқәа ҩбеи. Иажәеинраалақәа анылеит "Аԥсуа поезиа антологиа". Анатоли Аџьынџьал аԥсшәахь еиҭеигахьан аурыс, аукраин, абаза, ачеркес, ауаԥс шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәеи ражәабжьқәеи. Иара иажәеинраалақәа реизгакәа  ҩба аурысшәахь еиҭагоуп: "Улья" (Аҟәа, 1967 ш.), "Белая земля" (Москва, 1975 ш.). Анатоли Аџьынџьал иԥсҭазаара далҵит 1977 шықәсазы.

 

 

Лашәриа Анатоли Аџьынџьал изы: аԥсуа поезиаҿы раԥхьаӡа аметафоратә дунеибашьа иазҟазаз рҿиаҩын

 

"Анатоли Ҭархәына-иԥа Кәтол ақыҭан диит. Иара ҳпоезиа аҭоурых аҟны даанхеит зхатә ҩышьа, зхатә сахьа башьа змаз иакәны, амилаҭтә поезиаҟны раԥхьаӡа акәны аметафоратә дунеи адкылашьа, адунеибашьа ирызҟазаз рҿиаҩны. Уи зегьы ираҭәам, ирынасыԥым. Убас иҟан иара илаԥшбашьа. Изааигәаз ауаа саргьы среиуан. Ицәажәара ҳшымгәыӷӡоз ашьха џьара ахы ирхон, лаԥшҵашәарақәак иоуан, апоетцәа адуқәа шыҟаз дыҟан уи аганахьала. Иара зышьҭабжь ахара игоз аестрадатә поетцәа дреиуамызт, ихаан ҳара ҳҟынгьы ус еиԥш иҟан. Иҵегьы ахӡыргара имандаз, иҵегьы активра иландаз уҳәартә еиԥш дыҟан иара, аха урҭқәа гәхьаас имамызт, иҩышьа иҿыцыз цахак еснагь иадиҵон, акы алеигалон, ирҵаулон, убри ԥсҭазаарас иман. Иара заа иԥсҭазаара ҿахҵәеит, ҩынҩажәи быжьба шықәса дшырҭагылаз, гәыблыла ҳауаажәлар днаскьаргеит. Ԥшрала–сахьала анцәахша иакәын, убас деибыҭан, днаӡаааӡан, иалкааз уаҩын", - иҳәеит Лашәриа.

 

Са исҭахуп адгьыл еиԥш ачҳара сымазарц,
Амаҷ азыҳәа сыҵҟьо сҟамларц.
Са исҭахуп адгьыл еиԥш аразра сылазарц,
Сгәы ҟьаҟьаӡа еиҵыхны ауаа рзы инхарц.
Анатоли Аџьынџьал

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0