Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр атуристтә аамҭазы: агәкажьра акәым, аҽазыҟаҵара аҭахуп аԥхьаҟа инагӡатәу азы

© Foto / предоставлено Русланом КокоскирРуслан Кокоскерия
Руслан Кокоскерия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭҭә туристтә еилахәыра "Турист" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит сынтәа атуристтә сезон ашьақәгыларазы игәаанагара.

Ачымазара ҿкы COVID-19 аҽацәыхьчаразы ҳтәылаҟны иалагалаз апкрақәа раӷьырак аԥыхзаргьы, иҟоуп рашәара 15-нӡа ҳәа аҽҳәара змоу. Уахь иаҵанакуеит аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара, атуристтә усхк знапы алаку макьаназы русура аанкылара. Атуристтә аамҭа аартра азҵаара шьҭыхын рашәара 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар реизара адепутатцәеи Апарламент аҟны реиԥылараан. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аиҳабыра русура ари азҵаара аӡбара ишазырхоу, аха убасгьы Апарламент ажәалагалақәа рзыӡырҩра ишазхиоу, атуристтә усхк знапы алаку рҟынтәгьы.

Кәакәасқьыр атуристтә аамҭазы: агәкажьра акәым, аҽазыҟаҵара аҭахуп аԥхьаҟа инагӡатәу азы

"Агәкажьратә цәажәара бзиам, аха сынтәа атуристтә аамҭахәҭа уақәгәыӷуа иҟам, изыхҟьо зегьы еицаҳдыруа ауп. Аиҳабыра рҟынгьы аԥыза-министр инапхгарала аизара мҩаԥган атуристтә хеилак, асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа, атуроператорцәа алархәны. Уа еибаҳҳәаз: амза 15-нӡа аҳәаа аркуп, уи ашьҭахьгьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахәаԥшхоит. Краснодар атәылаҿацә аҟны ачымазара аганахьала аҭагылазаашьа шыҟало ҳаздыруам, уаанӡа атуризм ҳалацәажәартә макьана ҳаҟаӡам", - иҳәеит Кәкәасқьыр.

Убри аан иара инаҵшьны иазгәеиҭеит агәкажьра шаарԥштәым, ас еиԥш аҭагылазаашьа адунеи аҟны зегьы еицырзеиԥшу шакәу.

"Ҳара ҳусурахь ҳнеиуеит, аекскурсиақәа мҩаԥызго иҵегьы еиӷьны рҽазыҟаҵара, аӡыргара аусқәа ҳрылацәажәоит. Агәкаҳара ҳамаӡам, еилкаауп, ари атуристтә аамҭахәҭа Аԥсны зегьы азы ихьанҭагәышьахоит, аха ари адунеи зегьы ирхьысыз усуп. Ишԥаҟаҳҵари? Агәкажьра аамырԥшыкәа иҵегьы аҽазыҟаҵарақәа аҭахуп, ԥшӡала ари ачымазара ауаа ианырхыҵлак, ари ашықәсан иаҳзымуз аус, ҳамчқәа еизганы егьырҭ иааиуа ашықәсқәа ҳҽырзыҟаҵаны ҳаԥылароуп", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазыӡырҩы аудио

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0