Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷолокәуа Аԥсны ахада Аиааира Ду аныҳәа иалахәразы: ҳтәылақәа реизыҟазаашьа бзиа иадыргоуп

© Foto / предоставлено Алхасом Чолокуа Алхас Чолокуа
Алхас Чолокуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аныҳәа аиҿкаашьа шыҟаз.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку апарад далахәын Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны. Уахь ааԥхьара иоуит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟынтә. Аԥснытәи аделегациа аилазаараиаланы Москва иҟоуп Жәлар Реизара адепутат Лаша Ашәба, Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Адгәыр Арӡынба.

Ҷолокәуа Аԥсны ахада Аиааира Ду аныҳәа иалахәразы: ҳтәылақәа реизыҟазаашьа бзиа иадыргоуп

"Иубоит ари ахҭыс ауаа рацәа шазыԥшыз, еиҳаракгьы Аибашьра Дуӡӡа аветеранцәа ргәы шьҭнахит, агәалаҟазаара бзиа рнаҭеит аныҳәа аиҿкаашьа. Лымкаала асанитартә усмҩаԥгатәқәа хылаԥшра рыман, уи ианыԥшит аныҳәа аиҿкаарагьы. Ателехәаԥшрала уи узгәаҭомызт, аха аныҳәа аиҿкаара аганахьала ажурналистцәа русура анырра анаҭеит. Иаҳҳәап, аҳәынҭқарра ахадацәа ашәҭқәа ахьышьҭарҵоз, егьырҭ аусқәа уҳәа рҟны иааигәаны инашьҭыз ажурналистцәа, афотокорреспондентцәа рхыԥхьаӡара даара имаҷын. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иҟоу ажурналистцәа еихшаны аинтернет ала ирырҭон аматериал, изакәызаалакгьы аӡәгьы акгьы игымхаӡеит. Асабрадақәа ныҟәыргон аиҿкааратә усқәа ирылахәыз, ажурналистцәа зегьы ргәабзиара аганахьала агәаҭарақәа ирхысит", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Иара иазгәеиҭеит Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Москва еиҿкааз аныҳәа агәышьҭыхра ду шацыз. Аиааира апарад анаҩс Урыстәыла ахада Владимир Путини аныҳәахь иааԥхьаз егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Кремль аҭӡы азааигәара. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин арыӷьарахьала дахьидгылаз иаҵнашьуеит ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.

"Сара сгәанала уи лымкаала иаҵнашьуеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа бзиа, реиҩызара, рыиашьара", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Москва имҩаԥгаз Аиааира Ду апарад рхы аладырхәит 13 тәыла рнапхгаҩцәа. Сынтәа ачымазара ҿкы иахҟьаны апарад лаҵара 9 аҟынтәи рашәара 24 ахь ииаган. Ишәгәалаҳаршәоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду анхыркәшаха раԥхьатәи Аиааира Ду апарад шымҩаԥгаз ари аҽны 75 шықәса раԥхьа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0