Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аекскурсиамҩаԥгаҩ Гәылрыԥшь араион аҿы уаҩы дызҭааны иибаша атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАсабуа Эсма
Асабуа Эсма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекскурсиамҩаԥгаҩ Есма Асабуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Гәылрыԥшь араион аҿы уаҩы иибаша, дызҭаарц илшо аҭыԥқәа рыӡбахә.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Асабуаԥҳа Гәылрыԥшь араион аҿы уаҩы дызҭааны иибаша атәы

"Уаҳа назҭахым раионуп. Иара ақалақь ҳасабала иҟоуп. Ус еиԥш Аԥсны иҳамоуп ԥшьба, аха Гәылрыԥшь зегьы иреиҳауп, ԥсабаралагьы даара ибеиоуп. Араҟа иҟоуп аӡиа Амҭҟьал, иара уамакала иԥшӡоуп. Уанхыԥшылалак иубоит ирхагылоу ашьхақәа, ԥсыӡлагьы даара ибеиоуп, аха уа шәарыцара ҟалаӡом, избанзар, аӡиа аҳәырԥсарра иаҵанакуеит. Кәыдратәи аҩхааҿы иҟоуп абаашқәа, абырзенцәеи авизантицәеи раамҭа иахаану. Арҭ аҭыԥқәа усҟак хылаԥшра рымаӡам аҟнытә археолог еиқәаҵәақәа ҳәа изышьҭоу бзиа ирбо ҭыԥқәоуп. Ҵабалтәи абааш ҭоурыхтә ҭыԥ дууп. Уигьы уаҭааны иубар алшоит. Уаанӡа унеирцаз ақьаад ҳәа акгьы аҭахым, егьыс, Кәыдрытәи аҩхаа адгьылҵакырахь уцозар, уахь иумазароуп азин. Еиҭа араион аҿы игылоуп Драндатәи ауахәама. Иара аргылашьеи аԥшреи ухнамхыр залшом. Ауахәама ахәы ихықәгылоуп, ааигәа-сигәагьы ҭыԥ ԥшӡароуп. Ирҳәоит, уи аҵаҟа иҟоуп амҩахәасҭа Кәыдры маҷ аҟынӡа ицо ҳәа. Уи ҟаҵан ҷыдала ақәылаҩцәа рҽацәахьчаразы", - ҳәа еиҭалҳәеит Асабуаԥҳа.

Гәылрыԥшь араион аҿы иҵегь узҭаарц иулшо атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0