Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа: Риҵа аԥсшьаҩы даныҟамла, апарки уи аусзуҩцәеи рныҟәгара азҵаара уадаҩхоит

© Foto / предоставлено Адамуром Багателия Адамур Багателия
Адамур Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабыс ҿыц иаҭоу Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы уа имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Багаҭелиа: Риҵа аԥсшьаҩы даныҟамла апарки уи аусзуҩцәа рныҟәгара азҵаара уадаҩхоит

"Актәи зҵааран ҳахәаԥшуеит аҳәынҭқарратә ҳәаа аартханы ианыҟала аамҭазы ҳазыхиоума ҳара аколлектив, иара апарк ахаҭагьы асасцәа рыдкылара? Убри зҵаара хаданы иахьа иқәгылоуп. Аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагоит аҳәаа аартразы, ианаамыртха ахыдҵақәа рҽырыԥсахуеит. Иахьа 140-ҩык рҟынӡа аколлектив ыҟоуп, урҭ ҩымз ҵуеит ауалафахәы рмоуижьҭеи, аԥсшьаҩы дҟамлар, ауалафахәы ашәаразы аҭагылазаашьа ыҟаӡам, абиуџьеҭ ахь аԥарагьы алагалатәуп, аԥсшьаҩы даныҟамла аколлективи апарки рныҟәгара цәгьахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.

Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы иажәақәа рыла апансионат Ауадҳара иахьазы акорпусқәа зегьы ҭәуп.

"Иахьатәи амш азы Ауадҳара 70 ҭыԥ ҭәны иҟоуп, уа зыԥсы зшьоа зегьы аҭыԥантәи ауааԥысра роуп. Аха уи иаҳнаҭо ахашәала даара имаҷуп апарк зегьы аныҟәгареи аусзуҩцәа ауалафахәы рызшәареи азы", - иҳәеит Багаҭелиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0