Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит ашьханыҳәа шыҟаиҵо атәы

© Foto / предоставлено Асланом Багателия Аслан Багателия
Аслан Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭхьына ақыҭан инхо, арахә ашьхаҟа ихазцало Аслан Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шьхацан аныҳәара шымҩаԥиго атәы.
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит ашьха аныҳәара шыҟаиҵо

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа аԥхын рырахә ашьха ркацара рҽазыршәон. Иахьагьы иҟоуп зырахә ашьхаҟа изго. Уаҟа арахә иаҳа ибзианы иҳәуеит, ирфо аҳаскьын хәшәқәа маҷым ҳәа иԥхьаӡоуп, ашьха ахьарагьы иаҳа иацлоит.

"Ашьха ҳанцо, амҩа ҳанықәло иҳақәаҳҵоит (аҿаҭахьа - аред.), ҳаибганы ҳманшәаланы ҳаар, иреиӷьу џьмак аарылганы, ишьны ҳныҳәоит. Ашьха хыхь санхало, ҳаибганы ҳанҩеи, ашьханыҳәа ҳәа иҟаҳҵоит, ашьтәа аарылганы, ишьны ҳныҳәоит, ишақәнагоу еиԥш ашьшьыҳәа ҳнеидтәаланы иаҳфоит. Аиаша уҭахызар, сзашьҭои ҳәа акәымкәа, иџыхӡа иҟоу, ибзиоу ашьтәа ашьа кауҭәар анцәагьы игәы иахәоит. "Ашьха алԥха-агәаԥха шәоуааит еицны иааиз зегьы, агәабзиара шәыманы, шәгәырӷьаҵәа шәылбаауа!" ҳәа абас ҳныҳәа-ныԥхьаны аџьма ҳшьуеит, аҳаракыраҟны анцәа ҳаизааигәоуп", - иҳәеит Багаҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит ашьха аныҳәара арыжәтә адгалара шаԥсам.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0