Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хәытаба Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рзы: аҿиара бзиа роуеит

© SputnikБаграт Хутаба
Баграт Хутаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу аҷыдалкаатәи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шьамтәыла ахада дышидикылаз, реиԥылараҟны излацәажәаз атәы.
Хәытаба Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рзы: аҿиара бзиа роуеит

"…Шьамтәылатәи ахадеи сареи ҳаицәажәара, ҳаиԥылара даара акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Ҳаԥхьаҟа аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп Шьамтәылеи Аԥсынтәылеи реимадара аус қьаадла мацара акәымкәа, аусмҩаԥгатәқәа рыла иалыршахарц. Аекономика, ахәаахәҭра уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла аимадара ҳабжьаҵара алыршаразы азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Иахьа Шьамтәылеи ҳареи ҳҭагылазаашьақәа уадаҩуп хымԥада. Аха иахьа иаԥаҳҵо аҭагылазаашьақәа, сгәаанагарала, аԥхьаҟа аҿиара бзиа роуеит", - иҳәеит Хәытаба.

Иара иазгәеиҭеит иааиуа амшқәа рзы Шьамтәыла аминистрцәа жәпаҩыки иареи еиԥылараны ишыҟоу, хҭәылақәа русеицуразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирылацәажәарц.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0