Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьугьелиа Кәырбанныҳәа аҵакы азы: Ҳазшаз уԥсы зегьы ала игәра умгозар, аилкаара цәгьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Джугелия
Роман Джугелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәырбанныҳәа ахықәкы, уи амҩаԥгара аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьугьелиа.
Џьугьелиа Кәырбан-ныҳәа аҵакы азы: Ҳазшаз уԥсы зегьы ала игәра умгозар, аилкаара уадаҩуп

Амсылманраҟны ашықәсан иазгәарҭо Аурычреи Кәырбанныҳәеи иреиҳау аныҳәақәа ыҟаӡам.

"Иахьатәи Кәырбанныҳәа аҵас аҳаџьра ианцо ажәабатәи амш амза Зуль-ҳиџьа ахьӡуп, аҳаџьра иамоу аҵасқәа руак аԥсаҭара - Хазшаз ихьӡала ашьтәа ашьра иадҳәалоуп. Аԥсуаа ҳҟны иаҳҳәоит рыкәырбан рықәырхуеит ҳәа. Уи ҭоурыхла аԥааимбар Ибрагим иахь ҳагоит. Ишдыру еиԥш, Ибрагим ажәлар рахь Ҳазшаз иажәа назгоз дреиуан. Уи иҷкәын Исмаилгьы Ҳазшаз игәрагара ду иман. Ари адунеи аҟны ҳзықәшәо еиуеиԥшым амзызқәа, аԥышәарақәа ҳашрызныҟәо аҟны иааԥшуеит Ҳазшаз иԥҟарақәа рыла акәу ҳшынхо, мамзар аҩсҭаа ҳхихуа. Ари адунеи аҟны аԥышәара ҳшахысыз еиԥш ауп, егьи аҟны џьанаҭ мамзар џьаҳаным, Ҳазшаз ҳацәихьчааит, ауаҩы иҭыԥ дшақәшәо. Ҳазшаз зегь раасҭа бзиа иибо иԥааимбарцәа роуп, аха зегь раасҭа аԥышәарагьы ззынаишьҭуаз дара роуп. Ибрагим Ҳазшаз дҵаны идиҵеит иԥа ԥсаҭас дҟаиҵарц. Уи иҷкәын иеиҳәеит иоуз адырра атәы. Иара аҭакс иҳәеит: "Ҳазшаз иудиҵаз гәаӷьы, саргьы сычҳара зеиԥшрахо гәасҭоаит", - ҳәа. Ҳазшаз уԥсы зегьы ала игәра умгозар, дхаумҵозар, аилкаара цәгьоуп уи иҟаиҵаз адҵагьы Ибрагим иигәаӷьызгьы. Убри аан Ҳазшаз дыздырыз, ирыцҳашьара, игәаԥхара зеиԥшроу еилызкааз, идиҵаз хшыҩла дшақәшаҳаҭымгьы игәра ганы сацныҟәоит ҳәа ашьаҿа аныҟаиҵа, Ибрагим игәы дҭаҵәыуа даанижьыртә ҟалашьа амаӡамызт", - иҳәеит Џьугьелиа.

Шәазызызырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0