Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынԥҳа аҵарашықәс ҿыц алагаразы: инаскьагахоит ҳәа алаҳәара ҳамаӡам

© Foto / из личного архива Ханы ГунбаХана Гунба
Хана Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион актәи абжьаратә школ адиректор Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьазы ашкол аҿы имҩаԥысуа аусқәа ртәы, насгьы аҵарашықәс алагара рыҽшазыҟарҵо.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәынԥҳа Гагратәи ашкол аусура иазкны

"Ҳнапхгара рҟынтә аҵарашықәс шынаскьагахо ҳәа алаҳәара ҳамаӡам зынӡагьы. Аҭаацәа ҳадҵаалоит, арҵаҩцәагьы ус, иахьазы ҳара цәыббрамза аказы аусура ҳҭыҵуеит ҳәа ҳгәы иҭоуп, ус ҳҽырхианы ҳаҟоуп. Ашкол ҿыц апроект ала еизырҳаны ишьақәыргылоуп, 650-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аднакылартә иҟоуп. Иахьа аҵара зҵо рхыԥхьаӡара наӡоит 450-ҩык рҟынӡа. Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы иҳалҭаз аҳасабырбала ҳазҭоу амза 20 инаркны ауп актәи акласс ахь ицо рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара ҳшалаго, аха аҭаацәа уажәгьы иҳадҵаалоит. Ҳашкол аҿы иҟоуп азыҟаҵаратә гәыԥқәа ҩба, уа 15-15-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп, урҭ актәи акласс ахь ииасыз роуп, убри аҟнытә ҩ-класск рхыԥхьаӡара еиқәыршәаны иҟоуп, урҭ инарыцлоит амза 20 инаркны арзаҳал ҳзалазҵогьы", - еиҭалҳәеит Гәынԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0