Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг Ахьыԥшымра амш азы: аҭагылазаашьа алшара ҳнаҭон уи 26 рзы ишыҟалоз аефир аҿы аҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳхьыԥшымра Урыстәыла ишазханаҵоз заанаҵ еилызкааз Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит уи шыҟалаз атәы.
Ҳашыг Ахьыԥшымра амш азы: аҭагылазаашьа алшара ҳнаҭон уи 26 рзы ишыҟалоз аефир аҿы аҳәара

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра.

"Амза 25 рзы Аԥсныҟа иаауаз ажурналистцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәахеит. Ҳара аус зцаауаз Урыстәылатәи ателехәаԥшратә каналқәа, аҳәаанырцәтәиқәа уҳәа лассы-лассы иаҳзасуа иалагеит. Иҳазҵаауан иҟоу, иҳаҳауа, иҳамоу аинформациа, ирҳәон, абарҭ ҩымш ирылагӡаны хҭысқәак ҟалар шалшоз атәы. Ус иҳауит аинформациа, урыстәылатәи Актәи афедералтә телеканал ахада Ернст иҭыхратә гәыԥ иманы Шәачаҟа дыԥрит ҳәа. Урыстәылатәи ахадара апресс-маҵзура ахаҭарнакцәеи сареи аимадара иҳамаз схы иархәаны сырзасуа салагеит. Азхаҵара азҵаара ишиашоу ақәыргылара гәаӷьыуацәан, аха аҭагылазаашьа злаҟаз ала, уи иаҳнаҭон алшара амза 26 рзы абас еиԥш ахҭыс аҟалара атәы аҳәара. Ауха ишиашоу ицо аефир ахь иааԥхьан Олег Дамениеи Леила Ҭаниаԥҳаи, сара исымаз аинформациа амҩаԥгаҩ - усҟан Валери Ҟәырасқәуа иакәын иҟаз - иасҳәеит ириҭарц азҵаара, дара ргәаанагарала Аԥсны азхаҵара мҩаԥысыр анбалшои ҳәа, иара инацҵангьы иҳәеит ҳредакциа иамоу аинформациала уи ҟалоит уаҵәы ҳәа… Адырҩаҽны Урыстәыла анапхгара апресс-маҵзура санырзас сразҵааит, уажәы ҳдықәлар Шәачаҟа, ҳахьӡома ахҭыс ҳәа, ҭакс иҳауит уи ҳшахьымӡо атәы. Ахҭыс асааҭ аказы иҟалоит ҳәа адырра ҳарҭеит. Абасала ҳааицәажәеит ауп", - ҳәа игәалаиршәеит Ҳашыг.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0