Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа Очамчыра ашколқәа рҟны асанитартә ԥҟарақәа рынагӡаразы: аҭаацәагьы ацхраауеит

© Фото : из личного архиваФеликс Джинджия
Феликс Джинджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу.
Џьынџьиа Очамчыра ашколқәа рҟны асанитартә ԥҟарақәа рынагӡаразы: аҭаацәагьы ацхраауеит

"Ҳашколқәа ҩажәи фба рахь ахәыҷқәа аҵарахьы ицоит. Актәи аклассқәа рҟны 230-ҩык рҟынӡа ыҟоуп ахәыҷқәа. Ашколқәа аҿыцқәа алаҳамҵозар, хымԥада, ирыгу рацәоуп аматериал-техникатә ҭагылазаашьа аганахьала. Иагьа ус акәзаргьы ҳаицхырааны ахәыҷқәа ашкол ахь идәықәаҳҵеит. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада иҟалҵаз абжьгарақәа ҳрықәымныҟәар ауӡом. Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәазар уи ҳаигәыргьароуп, аха ус еиԥш азҵаара ҳзықәгылаӡам. Акзаҵәык, Очамчыратәи аҩбатәи ашкол аҟны 450 –ҩык рҟынӡа ҭоуп, ҩ-класск рҟны 26-27 ҩык рҟынӡа тәоуп. Егьырахь ахәыҷқәа еихшо ҳәа уадаҩра ыҟаӡам", - иҳәеит Џьынџьиа.

Первое сентября  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс иалагеит

Иара иазгәеиҭеит асанитартә ҳақьым хада апандемиа аамҭазы ашколқәа рганахьала иҟалҵаз абжьгарақәа рынагӡаразы аицәажәарақәа акымкәа ишрымаз аҵара аусҳәарҭақәа рхаҭаранакцәеи аҭаацәеи алархәны. Ацқьара азҵаара аганахьала аҭаацәагьы ацхыраара шыҟарҵо.

"Уи хәыҷык ауадаҩрақәа ацуп, аха аграфик ҟаҵаны аҭаацәа, арҵаҩцәа ацхраауа ҳәа ҳаицәажәеит. Избанзар ашкол ду аҟны 4 нызқь мааҭ зауа аилыргаҩцәа мацара рымч ақәхаӡом уажәы иҳадырҵо аԥҟарақәа зегьы рынагӡаразы. Убри аҟынтә зегь ҳаицхырааны иҟаҳамҵар ада ԥсыхәа ыҟаӡам", - иҳәеит Џьынџьиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0