Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба: Гагра мчыбжьыла аӡы ҳамам зҳәо иахьынтәаарго сыздыруам

© Foto / предоставлено Бесланом ЦугбаБеслан Цугба
Беслан Цугба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара лассы-лассы изеиԥҟьо атәы арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы дазааҭгылеит "Аӡыканал" аиҳабы Беслан Цыгәба.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Гагра ӡыла аиқәыршәара атәы

"Аӡы уахгьы-ҽангьы ишахәҭоу ауаа ироуртә еиԥш ианзалымшо ыҟоуп, алашара иахҟьаны. Жәа-минуҭк иадымхаргьы алашара аныцәалак, сааҭки бжаки ҩ-сааҭк рҟынӡа аӡы аиҭашьақәыргыларазы иаҭаххоит. Ус еиԥш ауадаҩрақәа лассы-лассы ианҳауа ыҟоуп. Аӡхагалагақәа злауԥсахша аныҟамгьы ыҟоуп, аха аҵыхәтәантәи аамҭазы мчыбжьык –ҩымчыбжьа рыҩныҵаҟа ауаа ҩба-хԥа сааҭ еиҳаны ӡыда инхаратәы еиԥш, џьоукы ишырҳәо, уахыки ҽнаки – ҩымш ҳәа апроблема ҳамаӡам. Иҟоуп амҩадуқәак …есышықәса нанҳәеи цәыббреи рзы аарҩарақәа ирыхҟьаны аӡеизакырҭаҟны аӡы анмаҷхо… асааҭ 11 инаркны асааҭ 3-4 рҟынӡа ҽнак ианҳарҭо ыҟоуп аӡы анҳзымхо. Аиԥҟьарақәа ҟалоит 3-4 сааҭ, уи проблемоуп. Аԥсшьаҩцәа аныҟамыз, уахгьы-ҽынгьы еиԥҟьарада ишыҟаз еиԥш, аӡы ақәыӷәӷәара аманы иҟаӡам уажәы", - иҳәеит Цыгәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0