Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыцԥҳа Гәдоуҭа ашколқәа рҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьазы

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист хада Диана Барцыцԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭаз ашколқәа рҿы аҵара апроцесс амҩасшьа атәы, насгьы ачымазара зманы иалкаау рхыԥхьаӡара атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыцԥҳа Гәдоуҭа ашколқәа рҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьазы

"Аҵара апроцесс цоит араион 29 школ рҿы, иара убас ахәыҷбаҳчақәа фба рҿы. Акласстә уадақәа ҳарзҩыдоит, ашәқәа, аԥенџьырқәа аартны аԥша ҩнадырсуеит, арҵаҩцәа асабрадақәа ныҟәыргоит. Ашоурашәагақәа ҳамоуп, зегьы ршоура гәаҭаны аклассқәа рахь иҩнаҳҵоит. Иахьатәи амш азы 450-ҩык ахәыҷқәа ныҟәаӡом ашколқәа рахь еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны. Иара убас иҳамоуп ичмазаҩцәоу арҵаҩцәа. Уи Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аҟнытә рҵаҩык, аҩбатәи ашкол аҿы хҩык арҵаҩцәа, Приморсктәи абжьаратә школ аҿы - аӡәы. Класск аужьны иҳаман актәи ашкол аҿы аҿкы чымазара иахҟьаны, аха урҭгьы шьҭа иҭыҵуеит. Аҵаҩцәа рыбжьара макьана аӡәгьы дычмазаҩымхацт. Арҵаҩцәа рыԥсахуеит егьырҭ арҵаҩцәа, аҵара процесс аҿы аиԥҟьара ҳәа акгьы ыҟаӡам", - еиҭалҳәеит Барцыцԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0