Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба еиҭеиҳәеит Аԥсны аибашьра анцоз Адыгатәыла иҳанаҭоз ацхыраара атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Аршба
Валерий Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 5 рзы Адыгатәыла амш азгәарҭоит. 1993 инакрны 1994 шықәсанӡа Адыгатәылан Аԥсны ахаҭаранакс иҟаз Валери Аршба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳашьцәа адыгаа иҟарҵаз ацхыраара атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Аршба Адыгатәыла Аԥсны аибашьраан ианаҭоз ацхыраара атәы

1991 шықәсазы Адыгатәи аобласт Жәлар рдепутатцәа рхеилак изаамҭанытәым аилатәараҟны Адыгатәи автономтә област республиканы ирыларҳәеит. 29 шықәса раԥхьа Адыга Ареспублика Урыстәылатәи Афедерациаҟны хаз иҟоу субиектхеит. Аҳәынҭқарратә-зинтә статус ашьҭыхра ареспублика иаҳа алшара анаҭеит асоциал-економикатә ҿиара аганахьала.

"…Аибашьраан Адыгатәыла даара ирацәаны агуманитартә цхыраара ҟанаҵон Аԥсназы. Аԥсшьарҭақәа рҟны аҳәсеи ахәыҷқәеи ихҵәаны инеиуаз рыдыркылон. Аԥсны аибашьра ишалагаз адырхаҽны Адыгатәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз неит Гәымсҭа ҳахьыҟаз. Адыгатәылантәи Аԥсныҟа иааит Адам Хәааде инапхгарала аҷкәынцәа, быжьҩык ара иҭахеит", - иҳәеит Аршба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0