Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абҳазоу Фазиль Искандер ипоезиазы: аԥсуа колорит, ҳмилаҭтә ҷыдарақәа, ҳаԥсабара рныԥшуан

© SputnikВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иажәеинраалақәа реизга аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа иаарту афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи иалахәыз Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ипоезиа аҷыдарақәа ртәы.
Абҳазоу Фазиль Искандер ипоезиазы: аԥсуа колорит, ҳмилаҭтә ҷыдарақәа, ҳаԥсабара рныԥшуан

"Фазиль Искандер апрозахь дыиасаанӡа акыр апоезиаҿы иҽԥишәахьан. Афестиваль азы иҭыжьыз аизга ҿыц иагәылалеит Искандер еицырдыруа иажәеинралақәа маҷымкәа, ипоемақәа, иепиграммақәа. Аизга злеиқәыршәоу ала, аԥхьаҩ автор ипоезиа иаҳагьы дазҿлымҳахоит. Ашәҟәы еиқәлыршәеит Искандер иԥшәмаԥҳәыс Антонина, лара лоуп аԥхьажәагьы зҩыз. Ианылҵеит: "Я выходила замуж за поэта", - ҳәа. Уи иҳанаҳәо рацәоуп. Искандер инарҭбааны ипроза шеицырдыруа ипоезиа рзымдыруазаргьы, иазгәаҭатәуп, апрозаҿы ҳажәлар рдоуҳа, ржәытә рҿатә, раԥсуара акыр даманшәаланы иаарԥшуазар, ипоезаҿгьы, аханатә, аԥсуа колорит, Аԥсны аԥсабареи, ҳажәлар рмилаҭтә ҷыдарақәеи зныԥшуа иажәеинралаақәа шыҟоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Абҳазоу.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0