Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа иахьа имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

© Foto / предоставлено Адамуром Багателия Адамур Багателия
Адамур Багателия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭҭә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Багаҭелиа Риҵа имҩаԥырго аусурақәа ртәы

"Нанҳәа аказы аҳәаа анаадырт, аҭагылазаашьа ҟалеит асезон бзианы имҩаԥысырц. Аусзуҩцәа рџьабаа ахә раҳҭартә алшара ҳауит. Ҳнапы аҳаркит егьырҭ аусқәагьы. Ауадҳара 56 акилометр аҟны ацҳа ду хуп, даара иуашәшәыран. Сынтәа аӡын ус инҳажьызҭгьы, ҳаԥыхьа иҳамбар ҟаларын. Убри х-миллионк инареиҳаны иахҭнаҳҵеит, уажәшьҭа уацәшәо иҟаӡам. Иахьа ашьыжь иҳадаҳкылеит ацҳа ҟаҵаны. Убасгьы ҳнапы алакуп аӡымҩангага. Ҩышықәса раԥхьа аӡымҩангага ацәаҳәа шьҭаҵан, аха аӡымҩангагақәа ԥхасҭахо иалагеит аҵаа аҟынтәи. Уажәы урҭ аӡы иҭаҵаны идәықәаҳҵарц ҳаӡбеит. Апроект ҳнапы аҳаркит 2-3 мшы раԥхьа. Асы леиаанӡа убри аӡымҩангага ҳаԥсахроуп. Уи миллион мааҭк иназынаԥшуа ахарџь аҭахуп, иҳамоуп. Ҳгәы иҭоуп аӡын атуризм аанаҳамкыларц, ачымазара ҿкы ҳԥырхагамхар. Асы ықәызго атехника ааҳхәарц ауп Урыстәыла азауад аҟынтәи", - иҳәеит Багаҭелиа.

 

Иара иазгәеиҭеит Риҵаҟа уназго амҩа хада аҭагылазаашьа уамак иҽеим, аха апарк амчқәа рыла уи аиҭашьақәыргылара залыршахом ҳәа. Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы убасгьы еиҭеиҳәеит нанҳәа инаркны шаҟаҩы аԥсшьаҩцәа рыдыркылаз атәы.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьа ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0