Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа амобилтә госпиталь аусуразы: COVID-центр аҳақьымцәа хәыҷык рыԥсы еивыргап

© Sputnik / Зафас Гамгия Аслан Джопуа
Аслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьопуа еиҭеиҳәеит асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иаарту амобилтә госпитали дареи русеицура шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҿы.
Џьопуа амобилтә госпиталь аусуразы: COVID-центр аҳақьымцәа хәыҷык рыԥсы еивыргап

"Амобилтә госпиталь ахь ачымазара змоу зегьы наҳгаӡом, уахь иақәшәо ачымазара хьанҭаны изхызго роуп. Ҳара иҳаԥхьоит, ачымазаҩ ишьа аҵәиҵәри шаҟа алоу гәаҭаны, иҭагылазаашьа зеиԥшроу азы алкаа ҟаҵаны иҳаӡбоит, дахьаҳгаша. Агоспиталь ахь инагахоит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтә ковид зыдбало ауааԥсыра. Ари Гәдоуҭатәи агоспиталь аус шауа еиԥшҵәҟьоуп иаргьы аус шауло. Амобилтә госпиталь еиқәыршәоуп иахәҭоу амаругақәеи аусзуҩцәеи рыла, ҳара ҳҟынтә дара ирҭаху аҵәиҵәри зҭоу абаллонқәа роуп. Иара уигьы, дара ирымоуп амашьына, иақәырҵоит, инаргоит. Агоспиталь аиҳабы иҳамаз аилацәажәараҿы иазгәеиҭеит, ачымазаҩцәа раагаразы иҟоу аиҿкаара шигәаԥхаз, иазгәеиҭеит, аус ахьыруаз егьырҭ атәылақәа рҿы ус еиԥш шыҟамыз. Амобилтә госпиталь аартра цхыраагӡа дууп ҳара ҳзы, гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аус зуа хәыҷык рыԥсы еивыргап", - иҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0