Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смыр акурорттә сезон азы: ҳазҭагылоу аамҭа иаҿырԥшны хар амаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Смыр
Виталий Смыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц иҟоу аԥсшьарҭа ҩны аԥшәма Витали Смыр арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы сынтәатәи атуризм аамҭа ахәшьара аиҭеит.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Смыр акурорттә аамҭа иазкны

"Иуҳәар алшоит ҩымз ибзианы зегьы аус руит ҳәа. Уцәыӡқәа зегьы хнаҩаӡом, аха аҳәынҭқарраҿы зегь раасҭа ихадоу агәабзиароуп, уи узымхьчар амалгьы акгьы иухәом, аԥеиԥшгьы бзиахом. Сынтәа хәышықәса ҵуеит аус ҳуеижьҭеи, иҳаураны иҟаз рҟынтәи 30 процент рҟынӡа ҳауит, уи бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳазҭагылоу аамҭа иаҿырԥшны ашықәс хар амаӡам. Аӡәы гәыбӷан иуҭаратәы иҟаӡам… Абизнес аҟны акәым аҭаацәа рҟынгьы џьара ҵәахык ыҟазароуп, фатәыла аиқәршәара ашәарҭадара иазхәыцтәуп. Ари аамҭа иаҳа аҽеидкылара ҳнарҵеит, акрура, иахьа иуоуз иахьа иныухуа акәымкәа, џьара ак шыҵәахтәу, иаҳзаауагьы иаҳа пату рықәаҳҵо ҳалагеит", - иҳәеит Смыр.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0