Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аблоҭиа VK Telegram аԥсшәахь реиҭагаразы: абызшәа иаҳа иаҳнарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСандро Аблотия
Сандро Аблотия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыԥҩык аҿар асоциалтә ҳа ВКонтакте, насгьы амессенџьер Telegram аԥсышәала "рырцәажәара" ргәы иҭоуп. "Аҿар рыгвардиа" ахеилак алахәыла Сандрик Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аидеиа анагӡаразы иҟарҵахьо атәы.
Аблоҭиа ВКонтакте Telegram аԥсшәахь аиҭагаразы: абызшәа иаҳа иаҳнарҵоит

"Ҳгәыԥ асоциалтә ҳа аҿы иҟоу аҟәшақәа зегьы аиҭагара ҳаҿуп, ҳус абжа инаҳгахьеит. Ҳара ҳаԥхьа аиҭагара далагахьан Абзагә Ҵәыџь, ҳара уажәшьҭа аус иацаҳҵоит. Аҿар рыбжьара ҳбызшәа ахарахәара амазарц, аҿиара аиурц азы ицхыраагӡахоит. Асоциалтә ҳақәа аҿар есыҽнытәи рыԥсҭазаара иахәҭакуп, дара уаҟа аԥсуа жәақәа анырбалак иаҳа игәныркылоит. Анаҩс егьыс рыԥсҭазаараҿгьы рхы иадырхәалоит. Аиҭага аҟаҵараҿы макьана ажәар ҳхы иаҳархәоит, уи анаҳзымхо, арҵаҩцәа, ҳаиҳабацәа ҳразҵаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аблоҭиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0