Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа апартаментқәа атәым тәылуаа раархәаразы: ҳахнарҵәоит ҳәа аҳәара ииашам

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә анаплакҩцәа апартаментқәа раархәаразы алшара аҟаҵара азҵаара иалацәажәон Аҟәа имҩаԥгаз астол гьыжь аҿы. Анаплакҩы, ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ари азҵааразы игәаанагара.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа апартаментқәа атәым тәылуаа раархәара иазкны

"Ҳара иаҳҭаху ари азҵаара алацәажәароуп, доусы игәаанагара иҳәарцаз. Игәаанагара ҵаҵӷәыс иамоугьы идыруазароуп, ус баша ари ииашаӡам, ҳахнарҵәоит, ҳәа аҳәара ииашам. Сара исымоуп гәаанагарак, аха уи ада акгьы ииашам, даҽак ҟамлар ауп сҳәар ииашахом. Аԥсны аекономика иҟоу 52% Аҟәоуп иахьыҟоу, 30% Гагреи Гәдоуҭеи иатәуп. Иаанхаз 18%, хә-раионк рҟны иҟоуп. Урҭ араионқәа рҟны аекономика ыҟаӡам. Уи аԥсы ҭаҵатәыми, џьара мҩак шьҭыхтәыми. Атәым тәылауаа апартаментқәа раархәаразы џьара программак ыҟазароуп. Аџьармыкьаҿы аҿы ашәыр еиԥш ҳақәгылан иаҳзыҭиӡом, зегьы уазхәыцны уазнеир, алҵшәа бзиахоит. Ҳара иаҳа ишәарҭам амҩа алаҳхыр ҳҭаху. Апартамент – уи иаазхәо дҭарыҩӡом, аԥсуа паспорт аиура аҭахӡам, убри ҳара ҳзы иаҳа ианаалоит ҳәа сгәы иаанагоит ", - еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0