Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит апандемиа аамҭаз аҵаратә процесс ацҵаразы иҟоу аҭагылазаашьақәа ртәы

© Foto / предоставлено Астандой ТаркилАстанда Таркил
Астанда Таркил - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа аамҭаз аҵаратә процесс ацҵаразы иҟоу аҭагылазаашьақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Апандемиа аамҭаз аҵаратә процесс ацҵаразы иҟоу аҭагылазаашьақәа ртәы

"Апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс аиҿкаараҿы зҵаара хаданы иқәгылан зегьы еицырзеиԥшны мҩак азалхра. Аметодеидкыла анапхгаҩцәа, ашколқәа реиҳабацәа зегьы лкаас иҟарҵаз ала иаҳҳәарц алшоит: аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа 14, иара убас ацхыраагӡатә уҳәа зегьы иааилаҵаны иҳамоуп 8638 ҵаҩцәа, урҭ зегьы ашколқәа рҿы инаганы аҵара дырҵаразы алшара ыҟоума ҳәа азҵаара анықәыргылаха, иаҳнарбаз уи ауп, иҟоуп ашколқәа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу. Уаҟа иалшоит ҩымшԥҵәак арежимала инеивга-ааивго аҵара процесс ашьақәыргылара. Урҭ ашколқәа рзы, уи арежим алкаахеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Астанда Таркил - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа зхьымӡаз апрограмма шхарҭәаахо атәы

Ажәахатәи ашкол аусура арежим аԥсахра зынӡак иаҭахӡам, уаҟа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы, ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.

"Арежим аԥсахра азҵаара ахьықәыргылахаз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу ауп. Аҵара апроцесс арманшәаларазы ииагазааит ҳәа азҵаара ықәҳаргылоит хымш-хымштәи арежим ахь. Ашәахьа, аҩаша, ахаша, аҵара рҵалоит 5 -11-тәи аклассқәа. Аԥшьаша, ахәаша, асабша - 1 инаркны 4-нӡа аклассқәа. Класск аҿы 20-ҩык инареиҳаны иҟазар, ишахоит ҩ-гәыԥкны. Урҭ ҩымшԥҵәак рыла аҵара рҵо иҟалоит. Хымш аҵаҩцәа ашкол ахь инымааиуа, ишалшо ала арҵаҩцәеи дареи еимадахоит. Иагхои, адҵақәа ззеилымкаауа рзыи, онлаинла арҵаҩцәа дареи реиқәшара ҩымшны иацаҳҵоит. Мызкы иамазар 304-сааҭк аҵара процесс азы, 200 сааҭ арҵаҩы ашкол аҿы дыҟоуп, 104 сааҭк аҩны иара ихала аурокқәа ҟаиҵалоит. Абас ишьақәҳаргылаз аплан наҳашьҭит аҵара аминистррахь. Макьана еилкаам ари арежим ала аус ҳауло мамзаргьы мап. Ианақәшаҳаҭха аамҭазы арҵаҩцәа ари аус еиҭа нап адыркылоит, анаҩс ашколқәа анаартх,  абасала аусура ҳалагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0