Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа: сынтәатәи ацәыргақәҵа "Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" егьырҭ ирылукаартә иҟоуп

© SputnikЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа "Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" аиҿкааразы ицо аусурақәа ртәы.
Арсалиаԥҳа "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ацәыргақәҵазы: сынтәатәи егьырҭ ирылукаартә иҟоуп

"Арҭ ашықәсқәа зегьы рзы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа иреиԥшӡам сынтәатәи. Уажәы иара еизнагеит 70 инареиҳаны аусумҭақәа. Ҩ-залк рҿы иаарԥшуп аҿыханҵа, аграфика, аскульптура уҳәа еиуеиԥшым ажанрақәа. Уамашәа ибатәуп сынтәа ацәыргақәҵа даара ишыбзиахаз. Иҟалап ари ачымазара иабзоураны асахьаҭыхыҩцәа иаҳа русура иазхьаԥшыртә еиԥш аамҭа рнаҭазар. Ацәыргақәҵа даара аинтерес аҵазаауеит. Уи ахәаԥшцәа ирбарц ҳҭахуп. Хымԥада, аартра ҳара ҳшашьцылахьоу еиԥш сынтәа иҟалаӡом. Аха ахәаԥшцәа иаҭаар рылшоит иаҭаху аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаны. Асабрада рҿазароуп, залк аҿы хәҩык инареиҳаны иҩнамзароуп. Акультуратә ԥсҭазаара аныҟам аамҭазы ари даара угәы шьҭызхыша хҭысуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ахәаԥшцәа рзы ацәыргақәҵатә зал ашәқәа аартхоит абҵара 20, ахәаша.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0