Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарԥҳа еиҭалҳәеит абнатә нхамҩа аусбарҭа ашықәс аплан анагӡаразы аихьымӡарақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаура Тарба
Лаура Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абнатә нхамҩа аусбарҭа абнанхамҩа аҟәша аиҳабы Лаура Ҭарԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит 2020-тәи ашықәсаз апандемиа русура ишаныԥшыз.
Ҭарԥҳа еиҭалҳәеит абнаԥҟареи, ааӡареи 2020-тәи ашықәс аплан анагӡаразы аихьымӡарақәа ртәы

"Ауааԥсыра акарантин рылаҳәара ҳусура ианыԥшит. Абна ааӡаразы аплан иҳамоу зегьы, аиҭаҳара, ахылаԥшра, ахкаарақәа рыҟаҵара уҳәа еиҳарак ианымҩаԥаҳго ааԥыни ҭагалани роуп. Ааԥын адгьылқәа азҳархиоит, ҭагалан еиҭаҳҳауеит. Ааԥынтәи аусқәа акгьы нагӡамызт ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Акарантин ҳаршәеит, аусуҩцәа аҭыҵра рҭахымхеит. Есышықәса аплан ҩ-хәҭакны иҳадаҳҵоит: абнаԥҟареи, абнааӡареи. Абнаԥҟаразы аплан жәымзтәи аусура 42% роуп иахьынагӡоу. Зегь реиҳа иреиҳаны гаграа ракәын аплан здыз, иназыгӡазгьы дара роуп. Егьырҭ араионқәа зегьы аплан иацәыхароуп. Ҳара абна иԥаҳҟо еиҳарак атәыла анҭыҵ иҳашьҭуеит. Ҳаплан ала зынӡа 28 нызқьи 440 кубаметра планс иҳамазар, аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿы аанызқь роуп иаанхо, егьы аекспорт ахь иҳашьҭуеит. Ҳара еиҳарак ҭырқәтәылаа роуп аус зцаҳуа, аха уантә зынӡакгьы сынтәа аҿаҵа ҳамамызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭарԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0