Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" 2020-тәи ашықәс аусура аихшьаалақәа ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы 2020-тәи ашықәс азы афонд аусура аихшьаалақәа ҟалҵеит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа Ашана 2020-тәи ашықәс аусура аихшьаалақәа ирызкны

"Ари апандемиа иҟалаз даара ҳацәшәон ҳусура ианыԥшып ҳәа, ахәыҷқәа ирлас ацхыраара раҳҭартә еиԥш алшара ҳмоур ҳәа. Аха ахыԥхьаӡарақәа ҳанрыхәаԥш, ажьырныҳәа инаркны абҵарамза рҟынӡа быжьмиллионк мааҭ инареиҳаны аԥара ҳахьӡеит аизгара, уи ахыԥхьаӡара ҳфонд азы даара ибзиоуп, ибанзар, егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ус ауп ишеизаҳгозгьы. Ҳаплан нагӡоуп сҳәар сылшоит. Ҳтәылаҿы аҭагылазаашьа даара ицәгьан, адунеи зегьы аҿы еиԥш, аха ҳфонд аусура уи аҟара ианымԥшӡеит. 52-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара раҳҭеит, урҭ иахысит 69 медицинатә курс иреиӷьӡоу Урыстәылатәи ацентрқәа рҿы. Сынтәа ахәышәтәрахьы еиҳарак Урыстәылаҟоуп иахьаҳашьҭуаз, ус шакәугьы, ҳфонд ахь иааиз зегьы излаҳалшоз ала ацхыраара роуит ҳәа сҳәар сылшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0