Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа аԥсаӡқәа рыԥҟаразы азин аилагаразы: ахараԥса џьбароуп

© Foto / предоставил Симон Квициния Симон Квициния
Симон Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекологиазы аилак абнахьчаразы аинспектор еиҳабы Симон Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсаӡқәа зҭиуа рыбжьара агәаҭарақәа шымҩаԥырго, насгьы урҭ рыԥҟаразы азин еилазгаз хараԥсас ирыду атәы.
Кәыҵниа аԥсаӡқәа рыԥҟаразы азин аилагаразы: ахараԥса - џьбароуп

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иҟанаҵаз ақәҵарала, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аԥсаӡқәа рыԥҟара азин ыҟам.

"Агәаҭарақәа ҳрылагахьеит аџьармыкьақәеи амҩадуқәа рҿықәқәеи рҟны. Даҳбеит хәаахәҭҩык, ақьаад ицуп, аԥсаӡқәа аҳәаа анҭыҵынтәи ишаагоу ала. Уаҳа аҭиҩ ҳәа аӡәгьы дҳамбеит. Абнақәа рҟынтә аԥсаӡқәа ԥҟаны иаазгаз ҳәа аӡә даҳбар, аҵлақәа имҳхоит, урҭ рхыԥхьаӡара рацәазар, апрокуратурахь аус шьҭхоит, имаҷзар – урҭ административтә хараԥса рыдҵахоит. Ахараԥса аԥсаӡ ақәреи уи ахьыԥҟаз аҭыԥи аныԥшуеит. Уи ашьапы ашәагазага шаҟа ыҟоу алагьы еилкаахоит, шаҟа ишәар акәу. Иҳамоуп аспециалистцәа урҭ зыԥхьаӡоу. Аха иҳәатәуп, ахараԥса иара усгьы ишыџьбароу. Аҳәырԥсарраҿы аԥҟара еилагазар, ахараԥса ҩынтә еиҳахоит. Аԥҟара аилагаҩцәа ирымыххо аԥсаӡқәа аҭаацәара рацәа, мамзаргьы зымаха-зышьаха ԥку дахьыҟоу аҭаацәарақәа ирыҭахоит", -  еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0