"Ачымазара ҿкы даара ианыԥшит ҳекономика. Иааркьаҿны иаҳҳәозар, ҳекономика аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акризис иҭагылоуп, даараӡа ирԥырхагоуп егьырҭ аусқәа, уи ԥхьаҟа ицоит ҳазҳәом. Аԥсны ахала ахы ҭнагоит ҳҳәоит ҳанцәажәо, избанзар ахы ҭнагартә азы аалыҵқәа маҷымкәа иҳамоуп, аха ахархәаразы алшара ҳамам. Иахьатәи аамҭа иақәшәо атехника, амаҭәахә ала аиҵахарақәа ыҟоуп. Убасгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы иумбар залшом иаадыртуа аус ҿыцқәа, анаплакқәа, ауаҩы аус ахьиуша аҭыԥқәа иаҳа имаҷхо иалагеит. Ҳаҩнуҵҟа иҟоу аполитикатә хҭысқәа, аиҿагыларақәа аекономика иагдырхеит, убасгьы анҭыҵ аҳәынҭқаррақәа зегьы еицырзеиԥшу аиҵахарақәа Аԥсны ианымԥшыр ауамызт", - иҳәеит Шьалашьаа.
Убри аан аекономист иазгәеиҭеит ари ашықәс шыуадаҩызгьы, аҳәынҭқарра иалагалоу еиуеиԥшым ашәахтәқәа рыла ашықәс хар амамкәа ҳшалҵыз.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: