"Ҳара иаҳҭаху акоуп - ҳхәыҷқәа рҵарадырра ацҵара. Макьаназы агырхароуп ҳазҿу, аха уи амҩа ҳаныҵроуп. Ҳара аҳәара ҟаҳҵеит апрезидент ҳидикыларц. Аиԥылара еихшьаланы уалацәажәозар, иаргьы дазҿлымҳауп аҵара процесс ацҵара азҵаара. Ахәыҷқәа рҵарадырра уи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш усуп. Ачымазара аганахьала азҵаара аҭышәынтәалара иаҿуп, аԥкрақәа азҿлымҳара аҭаны, ҳаицныҟәар ҳаиааиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷқәа маҷны аҵара ахьырҵо ашколқәа рҿы уаҵәгьы рышәқәа аартхар ҟалоит ҳәоуп атәыла асанитартә ҳақьым хада ишылҳәо. Иахьа апроблема ахьыҟоу ашкол дуқәа рҿоуп. Урҭ ашколқәа русуразгьы Аҟәа аҵара аусбраҭа аиҳабы лколлегацәеи лареи ирыԥшааит аплан. Доусы ҳгәаанагара зегьы атәыла анапхгараҿы иҟоуп. Азҵаара шьҭа дара ирыӡбароуп. Аҿкы чымазара азҵаара ҵарны иқәгылазҭгьы, ашкол аартра азҵаара цәырҵуамызт, аха аҭагылазаашьа злаҟоу ала аԥкрақәа ҳрықәныҟәаны иааҳарҭыр, ахәыҷқәа аҵаразы алшара роуан", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәымԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьежьразы иаҭаху рҳәеит
-
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит ашкол ахь ацара азин ҟалар, аҵаратә процесс шеиҿкаахо
-
Аԥсны аҭаацәа ргәыԥ ашколқәа рҿы аԥкрақәа аԥыхзарц адҵа ҟарҵоит