Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Делԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 зыдбалаз арҵаҩцәа рышьҭахь иарбан усмҩаԥгатәқәоу ирыдыркылаз

© SputnikНонна Делба
Нонна Делба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 зыдбалаз хҩык арҵаҩцәа рышьҭахь, ахәыҷқәеи егьырҭ арҵаҩцәеи ршәарҭадаразы иарбан усмҩаԥгатәқәоу ирыдыркылаз.
Делԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 зыдбалаз арҵаҩцәа рышьҭахь иарбан усмҩаԥгатәқәоу ирыдыркылаз

"Ашколқәа зегьы рҿеиԥш ҳаргьы аҵаратә процесс хацҳаркит, аусурагьы еиҿкаан асанитартә ԥҟарақәа инарықәыршәаны. Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аклассқәа еихшан ҩ-гәыԥкны. Арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы ашкол ахь ианааиуа иаҳшәоит ршоурақәа. Аха убри аан аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа хҩык ачымазара рцәа иалалеит. Иазгәаҭатәуп, дара рхы ишакум ирбаанӡа аусура аҟнытә рхы ишақәиҭтәыз. Ҩ-ҭаацәарак рҿы ахәыҷқәа анычмазаҩха, дара зычмазаҩхаз еилкаахаанӡа, ачымазараҿкы ҳаламларцаз даргьы русура аанкылан. Арҵаҩцәа ҩыџьа рҿы ачымазара аналкааха, асанитартә ҳақьым лахь адырра ҟасҵеит акласс аҿы итәоу ахәыҷқәа зегьы ргәаҭаразы. Адырҩаҽны, иаашьҭын абригада иҟаз аҵаҩцәа зегьы рҟнытә иган анализ, иара убасгьы арҵаҩцәа рҟнытәгьы. Игәарҭаз аҵаҩцәа рҟнытә аӡәы иҟны ачымазара шьақәдырӷәӷәеит. Аклассқәа рыхԥа аҽыԥхьакрахь ишьҭуп хәажәкырамза 4-нӡа", - ҳәа еиҭалҳәеит Делԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0