Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџь амандаринақәа реилыхра иазкны

© Foto / предоставлено Виталием ЦвижбаВиталий Цвижба
Виталий Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу асовхоз "Софиа" аиҳабы Витали Ҵәыџь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амандаринақәа ирыдҳәалоу ааԥынтәи аусурақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџь амандаринақәа реилыхра иазкны

"Уажәы амандаринақәа реилыхра ҳаҿуп, иаарласны ахәышәтәра ҳалагарцоуп, ҳусқәа бзиоуп, ахандеира ҳаҿуп. Сынтәа аӡынразы амандарина иаԥырхагоу ахьҭақәа ыҟамызт, ибзианы иӷыҵысит, сынтәагьы аҽаҩра, иара амандарин ахаҭабзиарагьы бзиахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳаргьы иҳалшо ала ус еиԥш ҟаларцаз ҳаҿуп. Амандарин ашьаҭа ҿыцқәа реиҭаҳара ҳаҿуп. Есышықәса ари аус мҩаԥысуеит, избанзар, ҳанхарҭа иаҵанакуа аҵлақәа шьҭа акыр шықәса рхыҵуеит. Амандарин ашәҭра иалагоит лаҵарамзазы, убсҟан ауп иара аҽаҩрагьы зеиԥшрахо атәы уҳәар аныҟало", - еиҭеиҳәеит Ҵәыџь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0