Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аблоҭиа Никәала Чқәан изы: атеатри аҟазареи ртәы бзиаӡаны идыруан

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Вячеслав Аблотия
Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Жәлар рартист Никәала Чқәан арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит ибзианы дыздыруаз, аус ицзухьаз арежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа.
Аблоҭиа Никәала Чқәан изы: атеатри аҟазареи ртәы бзиаӡаны идыруан, логикала дыӷәӷәан

Еицырдыруа атеатртә усзуҩ, Аԥсуа драматә театр аҟны актиорс, арежиссиорс аус зухьаз, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аконцертқәа акыр шықәса имҩаԥызгоз Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан иԥсҭазаара далҵит 91 шықәса дшырҭагылаз. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит мшаԥы 6 рзы Афон ҿыц ақалақь.

Николай Чкуан - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан

"Никәала логикала даара дыӷәӷәан. Атеатр, аҟазара атәы ибзиаӡаны атеатрҭҵааҩ еиԥш идыруан. Даур Занҭариа исценари ала афильм "Асувенир" анҭысхуаз, арольқәа руак ибзиаӡаны инаигӡеит. Зегь рыла дманшәалан, аҩызара аҟны акәзааит, иахьабалак, аҟазара злаз уаҩын, аҟазара бзиаӡаны идыруан. Насгьы абызшәақәа рацәаны идыруан: аерманшәа, аҭырқәшәа, ақырҭшәа, агыршәа, ҳәара аҭахума, аԥсышәалеи урысшәали дцәажәон. Исгәалашәоит "Шьараҭын" аконцертқәа еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны имҩаԥигон, иҿабызшәа, ифантазиа бзиан. Иара аполитика аҟынгьы ибзианы аиҿырԥшрақәа ҟаиҵон, анализ азиуан. Ауаҩра илан, ҩ-цәак ихарԥамызт, диашахәҵәараӡа дыҟан", - иҳәеит Аблоҭиа.

Никәала Чқәан 1965 шықәсазы далгеит Луначарски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт, СССР Жәлар рартист, апрофессор Андреи Гончаров иҵаҩы иоуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Шәачатәи ателестудиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа рҟны арежиссиорс аус иуан. Асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама" аҟны актиорс, режиссиорс дыҟан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театр аҟны иқәиргылеит аспектакльқәа "Абзамыҟә" Назым Хикмет иҩымҭала, "Агага" Шварц иҩымҭала.

Никәала Чқәан актиор иаҳасабала атеатр аҟны инаигӡеит арольқәа Есыф, ("Асас еиқәаҵәақәа" Гь.Гәылиа , 1956 шықәсазы), Сгәанарель ("Иҭахы- иҭахым ахәшәтәҩы" Молиер, 1956 шықәсазы), Хабжькәыт ("Аиааира", В.Агрба, 1961 шықәсазы), Бессонов ("Данаҟаи" М. Лакрба, 1956 шықәсазы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0