Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьугьелиа Рамадан аурычра аԥҟарақәа рзы: ҳгәабзиара иазеицәоу Ҳазшаз иҳадиҵом

© SputnikАбдурахман Джугелия
Абдурахман Джугелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсылманцәа рзы иԥшьоу амза Рамадан сынтәа иалагоит мшаԥымза 13 инаркны. Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьугьелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аурычра аԥҟарақәа ртәы.
Џьугьелиа: ҳаныхәыҷыз амзаҿа ангыло аԥхьа иаабар, ҳамҭак ҳарҭоит ҳәа, аҵла ҳхалан ҳаԥшуан

"Ҳазшаз игәра зго зегьы џьанаҭ ҳақәгәыӷуеит, уахь ақәшәаразы иаҳа имаҷны агәнаҳа умазароуп, ибзиоу аусқәа ныҟәугозароуп. Сара иаха амзаҿа ангыла, ҳәарада, сеигәырӷьеит. Ацәылаҷҷара иалгаанӡа, уажәы асааҭ 4 рзы ацәылаҷҷара иалагоит, убраанӡа жәа-минуҭк шыбжьоу ауаҩы акрифароуп, нас акрыфара аанкыланы амра ҭашәаанӡа иԥшоит. Саргьы убас сналагеит иахьатәи сымш. Ауаҩы игәабзиара иазеицәоу Ҳазшаз ԥҟарак ҳара иҳадиҵаӡом, абри аурычрагьы убас ауп ишыҟоу. Ахәыҷы ари идцалаӡам, уныҟәугартә уаныҟалак аамҭа инаркны иахьынӡаулшо иныҟәугоит. Иахьазы ҳаҩнаҭаҿы сыҷкәын дыурычуеит, сара, сан шьҭа лгәыбзиара иауӡом", -  еиҭеиҳәеит Џьугьелиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0