Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Торчуа Гәылрыԥшь иҟоу абаҟақәа рҭагылазаашьазы: есымза иаҳрыцқьоит

© Foto / предоставлено Анатолием Торчуа Анатолий Торчуа
Анатолий Торчуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахадара акоммуналтә нхамҩа аиҳабы Анатоли Торчуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иазку араион аҿы иҟоу абаҟақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Торчуа Гәылрыԥшь Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟақәа

"Кьалашәыр инаркны амҩа аҿықә арыцқьара ҳаҿуп. Ас еиԥш аусурақәа еснагь имҩаԥаҳгоит, аха уажәы аныҳәа аламҭалаз еиҭа ҳахысуеит. Аибашьрақәа рыҩбагь иазку абаҟақәа ҳрыцқьахьеит. Ари аус аҿы абжьааԥны ашколхәыҷқәагьы ацхыраара ҳарҭоит, аха сынтәа ус еиԥш агәаҳәара змоу макьана аӡәгьы дҳадымҵаалацт", -  еиҭеиҳәеит Торчуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0