Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аҵаратә процесс ахыркәшамҭеи аԥышәарақәеи ирызкны
"Ачымазара макьана мҽхакы ҭбаала ашколқәа рҿы иҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом. Уи иналк-аалакны ауп ишаарԥшу, аиҳарак аҳҭнықалақь аҟны, Гагра араион, Очамчырагьы уахь иналаҵаны, егьырҭ рҿгьы иҟоуп, аха имаҷуп. Иахьазы аԥкрақәа ралагара ҳгәы иҭаӡам. Аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит аминистрраҿы аҭагылазаашьа бааԥсхар иҟаҵатәхо ҳәа. Рашәарамза 25-нӡа аҵаратә процесс аамҭа иазыԥҵәаны ишыҟоу имҩаԥыслоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы иҳәеит избан ашколқәа зегьы рҿы аҵаратә процесс еиԥшны изымҩаԥымсуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.