"Сынтәа ҿыцны ахәыҟаҵаҩ изанааҭ алагалан аколлеџь аҿы. Ашықәс ҿыц ашьҭахь иара ари ахырхарҭала амаругақәа рыла еиқәыршәан алабораториа. Уажәы ҳастудентцәа ақәҿиарақәа аадырԥшуеит. 19-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Ачысхаақәа рыдагьы, афатә хкқәагьы ҟарҵоит. Астудентцәа раалыҵ ааигәа-сигәа иҟоу адәқьанқәа рҿы инаргоит, ахаа-мыхаақәагьы ус, аалыҵ аколлеџь ишатәу иақәыҩны иҟаҵоуп. Аахәаҩцәа амоуп, иргәаԥхоит. Еиҭа иҳамоуп автомеханикатә ҟәша, уаҟа шықәсык ауп аҵара ахьырҵо. Иҟоуп алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа рааӡара иазкны ахырхарҭа, урҭ аҵара рҵоит хышықәса, ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азаанаҭқәа рхырхарҭалагьы изҭаху азыҟаҳҵоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.