Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Афон ҿыц апальмақәа рыхәшәтәра иазкны

© Foto / предоставил Рустам Барцыц Рустам Барцыц
Рустам Барцыц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рустам Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны апальмақәа ачымазара рацәыхьчаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы, шаҟа ҵла рзеиқәмырхаз аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Афон ҿыц апальмақәа рыхәшәтәра иазкны

"Арҭ ауснагӡатәқәа ҳарҿуп, иара убасгьы хәажәкыра анҵәамҭеи иҳаҩсыз амза алагамҭеи рзы изаамҭанытәу апальма ҵлақәа реилыхра, ажәытә махәқәа рыхҵәара мҩаԥаагеит. Убри аамҭазы раԥхьатәи ахәшәтәрагьы мҩаԥаагеит. Аҩбатәи ахәшәтәра ҳазнысыз амза анҵәамҭазы иҟаҳҵеит. Уажәы изаамҭанытәу ахԥатәи ахәшәтәра ҳҽазаҳкырц ауп мышқәак рышьҭахь", - иҳәеит Барцыц.

Иара иҳәеит апальма хкқәа рҟынтәи ирхәышәтәуа арбану, урҭ рхыԥхьаӡара 360 рҟынӡа ишынаӡо. Аҵыхәтәантәи хышықәса роуп ақалақь аҟны апальма ҵлақәа рыхәшәтәра мҩаԥыргоижьҭеи, ари аамҭа иалагӡаны ҩ-ҵлак хырҵәыр акәхеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0