Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа Гал араион аекономика-географиатә ҭҵаара иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Нарсоу Джопуа
Нарсоу Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аекономикеи азини ринститут ахаҭарнакцәа араион аҿы имҩаԥырго аусурақәа зызку.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа Гал араион аекономика-географиатә ҭҵаара иазкны

"Гал азы иаҳа ихадараны иаҳбо, араион акартографиа ашьақәыргылароуп. Иахьа раион аҿы ипроблема дуӡӡан иқәгылоуп ақыҭақәа рҳәаа аҵыхәтәанынӡа иахьышьақәгылам. Иара араион ахаҭа аҳәаақәа, Егры аганахьала, Очамчыреи Тҟәарчали рыбжьареи, зегьынџьара аҳәаақәа шьақәыргылаӡам, ишьақәырӷәӷәаӡам. Иара убас араион иамоу аресурсқәа аԥхьа инаргыланы ақыҭанхамҩатә потенциал аҭҵаара, иара убас апрограммаҿы иарбоуп аӡмахқәа рҭарбашьеи, мамзаргьы иахьа ишыҟоу ала хархәарас ирымоу. Сара сгәаанагарала ари аҩыза апрограмма араион азы алҵшәа бзиа аанашьҭуеит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0