Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын Анаҟәаԥиатәи абааш азы: абаҟа ауаа рацәа раҭаара ашәарҭара иацу еилкааны иҳамоуп

© SputnikАлхас Аргун
Алхас Аргун  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ааигәа ахьӡ зыхьчаз, Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" аиҳабы Алхас Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәырԥсарра иахьатәи аҭагылазаашьа атәы, уи иамоу ауадаҩрақәа ртәы.

Лаҵарамза 25 рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥсит адиссертациатә усумҭақәа рыхьчара. Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра аиҳабы Алхас Аргәын иҭҵаарадыратә усумҭа иахьӡын: Анаҟәаԥиатәи архитектуратә комплекс аҭоурых-культуратә ҭҵаара, Аԥсны аҭоурых II-XV ашәышықәсақәа рконтекст аҿы ҳәа.

Аргәын Анаҟәаԥиатәи абааш азы: абаҟа ауаа рацәа раҭаара ашәарҭара иацу еилкааны иҳамоуп

"Анаҟәаԥиа, Ҵабал еиԥш иҟоу абаақәа адунеи азы аинтерес ду рымоуп. Урҭ рахь ауаа рынашьҭра азҵаара ықәдыргылаанӡа, иара аобиект хьчатәуп. Ауаа зланеиуа амҩақәа абаа иаԥырхагамхарц иазхәыцны, апрограмма ду шьҭыхны ианыҟарҵалак ашьҭахь ауп ауаа анынарышьҭуа. Ҳара ҳҟны ас еиԥш аҳәынҭқарратә программа зыҟамлеит. Ҳаргьы аусура ҳаналагоз ус еиԥш шыҟалоз еилкааны аҟара иахьынӡауаз ауаа иааиуа рымҩақәа рхылаԥшра ҟаҵаны, абаҟақәа ирԥырхагамхо рынашьҭра-раашьҭра ҳашьҭоуп. Иҟоуп агәаанагаракәа атроссқәа кнаҳаны авагонқәа ҟаҵаны ауаа убра инагатәуп ҳәа, шьоукы абизнес рбоит. Сара саҿагылоит уи азҵаара. Избанзар, иахьа мышкы х-нызқьҩык ауааԥсыра абриаҟара аҭыԥ ҭшәараҿы инаҳго ҳалагар, убарҭ ауаа иҟарҵо аԥхасҭа, ҳара шықәсык иҳауа аԥхасҭа жәашықәса иаҳзышьақәыргылаӡом. Иахьа иааиуа ныҟәаагартә ҳаҟоуп. Иаҳа ианырацәоу 500 рҟныӡа ауп. Аԥсабара илалаӡҩа ицоит, аӡә хыхь дыҟоуп, егьы ҵаҟа, ԥырхага дук дара рҟынтә иаабаӡом. Абаҟа азыҟаҵаӡам ауаа рацәа раҭаара. Убри ашәарҭара иацу еилкааны ҳаҟоуп. Абааш аԥхасҭахара уи аԥсабара иарҿио усуп. Иаҳҳәап, иара хаҳәла еиқәуп, излеибарку ашьыхга ақәа иаӡәӡәахьеит. Ус акы иаарҵысыр, ԥша ӷәӷәакгьы, ахаҳәқәа алҟьан икаҳауеит, убраанӡа иԥсыҽхахьеит. Аҵиаақәа анрызҳалак, рдац иарҵысуеит. Ҳаԥхьаҟа урҭ анамаҳхлак, иаразнак аконсервациа ҟаҵатәуп. Избанзар, адацқәа ахьыҟаз аҭыԥ ҭацәуеит, аӡы бжьалоит, иаҳагьы ԥырхага аиуеит. Убас зны иаҳрыцқьеит, анаҩс иашьҭанеиуаз аус азин ахьаҳмоуз азы ахаҳәқәа иаҳагьы акаҳара иаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0