"Аҳәынҭқарраҟны мчыла ахә узышьақәыргылаӡом. Ахә шьақәзыргыло аџьармыкьа ауп. Сара иахьа аԥсыцәгьара аарԥшны џьара хә-мааҭк ахә иацланы схы иархәаны жәа мааҭк иацысҵар, уи збо иалоу феида шыҳараку анибо, иаргьы далагоит. Аӡәы имацара ахә изацҵом, дмонополистны дыҟамзар, иара ида аӡәгьы имамзар. Еибыҳәаны иҟарҵо атәы акәзар, Аԥсны уиаҟара амч, аԥышәа рымаӡам, аӡәгьы игәы иалымсааит, аха уи азы ҷыдала аилкаара рымаӡам рҽеидкыланы иазнеиртә еиԥш. Ус еиԥш апрактика Аԥсны исымбацт. Аҳәынҭқарра дуқәа рҿы ус еиԥш ҟамларц еиҿкааны ирымоуп амонополиа иаҿагылоу аилак. Ауаа рхы еидкыланы, еилацәажәаны ак ҟарымҵарц азы ахараԥсақәа ҳаракуп, уи иацәшәоит. Иҟоуп егьа закәан шьақәургыларгьы, ацәцашьа, ахыҵәахышьа, аха ус ишабалак ахә ашьҭыхра аҵаҵӷәы амамзар, иуадаҩуп", - иԥхьаӡоит Кәарҷиа.
Иара иазгәеиҭеит атәылазы афатә шәарҭадара апрограмма аҵакы атәы, ианамуӡах, 30 процент рҟынӡа Аԥсны ирфо араҟа иаадрыхлар ауп ҳәа.
Аицәажәара инарҭабааны аудиофаил аҟны ишәаҳәар шәылшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа абылтәы ахә ашьҭыхра азҵаара иазкны